Аиҳабыра алегитимациа амам, ҳара ҳалырхит, ҳара амобилизациа замоуп, ҳзинқәа рыхьчаразы апротест нагӡоит, — илҳәеит акоалициа “Иӷәӷәоу Қырҭтәыла” алидерцәа руаӡәы Анна Долиӡе.
Долиӡе лажәақә рыоа, акциа ала ауааԥсыра иӷьычу алхрақәа ирыдҳәаланы ргәынамӡара аадырԥшуеит.
“Ашәахьаҽны аҳәаанырцәатәи ҳҩызцәа рацәаны Қарҭ иаҭаауеит, урҭ ирбароуп жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз алхрақәа ирыдҳәаланы ауаа ргәаанагара зеиԥшроу. Аиҳабыра алегитимациа амам, ҳара ҳалырхит, ҳара амобилизациа замоуп, ҳзинқәа рыхьчаразы апротест нагӡоит”, — илҳәеит Долиӡе.