Анкара имҩаҧган азеиҧш арратә азыҟаҵарақәа «Кавказтәи ауарба – 2025» , азыҟаҵарақәа ирылахәын Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи азкызаара ҷыда змоу аҟәшақәа
Анкара имҩаҧган азеиҧш арратә азыҟаҵарақәа «Кавказтәи ауарба – 2025» , азыҟаҵарақәа ирылахәын Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи азкызаара ҷыда змоу аҟәшақәа.
Арратә азыҟаҵарақәа мҩаҧган аусеицура есышықәсатәи аплан инақәыршәаны.
Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, азыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман х-тәылак рыбжьара ашәарҭадара аусхкы аҿы аусеицура арҕәҕәара.
Адырраҿ ишазгәаҭоу ала, азыҟаҵарақәа раан арратә ҟәшақәа еиуеиҧшым аепизодқәа рҿы қәҿиарала аҳасабтәқәа зегьы нарыгӡеит, дара ахиазаара дуи атактикатә оперативреи аадырҧшит.