Анкара ааигәара иҟалаз авиаамашәыраан ааҩык ҭахеит, урҭ дреиуп ливиатәи ар анапхгаҩы Моҳаммед Али Аҳмед аль-Хаддад
Анкара ааигәара иҟалаз авиаамашәыраан ааҩык ҭахеит, хҩык аепикаж алахәылацәа инрылаҵаны. Ари атәы аанацҳаит агентра «Реитер».
Иҭахаз дреиуп ливиатәи ар анапхгаҩы Моҳаммед Али Аҳмед аль-Хаддад.
Ливиа хымштәи аџьабара рылаҳәоуп.
Анкарантә Ливиа аҳҭнықалақьахь Триполиҟа ихынҳәуаз аҳаирплан Falcon 50 иаха Анкара ааигәара икаҳаит. Аимадара ҧҵәаанӡа аепипаж зыҧшра ҟамҵакәа атәара азин иаҳәон.
Амашәыр аҭыҧаҿ аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит. Ҭырқәтәыла аиустициа аминистра Иылмаз Тунч иҳәамҭала, Анкара апрокуратура хада ари аинцидент азы аусеилыргара иалагахьеит.