Анџьеи  Дуда – Украина фырхаҵарыла урыстәлатәи агрессиа иаҿагылоуп, аха, жәларбжьаратәи ацхыраара аҭахуп, арратә ганахьалагьы
Анџьеи  Дуда – Украина фырхаҵарыла урыстәлатәи агрессиа иаҿагылоуп, аха, жәларбжьаратәи ацхыраара аҭахуп, арратә ганахьалагьы

«Украина фырхаҵарыла урыстәлатәи агрессиа иаҿагылоуп, аха, жәларбжьаратәи ацхыраара аҭахуп, арратә ганахьалагьы», — иҳәеит Польша ахада Анџьеи Дуда Киевынтә Польшаҟа даныхынҳәы.

Польша ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа аланарҵәеит Польша Ауаажәларратә дырраҭара.

«Украина ахатә хьыҧшымреи ахақәиҭреи фырхаҵарыла иазықәҧоит. Украинаа есымша урыстәылатәи ажәылара аҿагыларазы ршьа карҭәоит. Дара зеиҧшҟамлац агәымшәара аадырҧшуеит, ацәыӡ ду рымоуп. Аурысцәа аҳәсеи ахәыҷқәеи ршьуеит, аҩнқәа иқәырхуеит. Укрианаа игәаҟуеит, ршьа карҭәоит, аха, рхы рыхьчоит. Украина жәларбжьаратәи ацхыраара аҭахуп, арратә ганахьалагьы», — иҳәеит Анџьеи Дуда.