Анита Хиппер — Қырҭтәыла аиҳабыра асаркьа ианҧшыланы алабҿабара рбар рзеиҕьуп, атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ауааҧсыра рацәажәара иалагарц
Анита Хиппер — Қырҭтәыла аиҳабыра асаркьа ианҧшыланы алабҿабара рбар рзеиҕьуп, атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ауааҧсыра рацәажәара иалагарц

«Қырҭтәыла аиҳабыра асаркьа ианҧшыланы алабҿабара рбар рзеиҕьуп: дара арепрессивтә режим аҧырҵоит, аҭынчуааи, АИХқәеи, ажурналистцәеи ирҿагылоит», — илҳәеит адәныҟатәи аусқәеи арҭбаара аполитикеи рзы Еврокомиссиа ахаҭарнак Анита Хиппер апресс-конференциаҿы Қырҭтәыла иазкны илырҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз.

Лара лажәақәа рыла, Еврокомиссиа амчылара аформақәа зегьы ирҿагылоит.

«Шәара шәдемократиа агәра жәгозар, шәхымҩаҧгашьа ииашоуп ҳәа ишәыҧхьаӡозар, ауаа раанкылареи рҭакреи шәыхәҭам. Ҳара атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит рхатә уааҧсыра рацәажәара еиҭалаганы, ари амчылара аескалациа рҽацәырыхьчарц», — илҳәеит  Хиппер.