Андриа Џьаҕмаиӡе  - Амитрополит Шио ашҳам иҭара иазку аинформациа хәҭала ииашазар ҟалап, избанзар ишьа анализ аҿы иаарҧшыз аметал хьанҭақәа рхыҧхьаӡара анорма еиҳауп
Андриа Џьаҕмаиӡе  - Амитрополит Шио ашҳам иҭара иазку аинформациа хәҭала ииашазар ҟалап, избанзар ишьа анализ аҿы иаарҧшыз аметал хьанҭақәа рхыҧхьаӡара анорма еиҳауп

«Амитрополит Шио ашҳам иҭара иазку аинформациа хәҭала ииашазар ҟалап, избанзар ишьа анализ аҿы иаарҧшыз аметал хьанҭақәа рхыҧхьаӡара анорма аасҭа ирацәоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла Апатриархиаҿ иҟоу ауаажәлар рҟны аимадара амаҵзура анапхгаҩы, апротоиереи  Андриа Џьаҕмаиӡе  ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, амитрополит Шио хар имамкәа дыҟоуп, абжьааҧнытәи иусура иадҳәалоу апроцессқәа зегьы дрылахәып.

«Уажәазы агәҩарақәа ма агәаанаграқәа рылацәажәара ахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит. Амедицинатә гәаҭарақәа рылҵшәақәа ҳрызҧшыроуп.  Уажәазы 2 версиак иҟоуп, иара аамҭала игәы ҽеимхазар ауеит, егьы аверсиала – аҽалагалара иҟазаргьы ауеит, избанзар амитрополит Шио игәабзиара ацәгьахара иазҿлымҳау ауаа иҟазар ҟалап», — иҳәеит  Андриа Џьаҕмаиӡе.

Иахьа ақырҭуа АИХқәак рҿы аларҵәара зауз аинформациа ала, Қырҭтәыла Апатриарх Илиа II ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Ҷхороҵҟуи амитрополит Шио Муџьири ашҳам ирҭеит.