Андреи Сибига Мака Боҷоришвили лахь - Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иазаанарҧшуа адгылара ахә ҳшьоит, ҳара, ҳаидгыланы, Амшын еиқәа арегионаҿ аҭынчра аиқәыршәара ҳацхраар ҳалшоит
«Урыстәыла имҩаҧнаго зымҽхак дуу агрессиаан Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иазаанарҧшуа адгылара ахә ҳшьоит», – иануп Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Сибига Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили илзааишьҭыз ашәҟәы аҟны. Иара Украина Ахьыҧшымра амш инамаданы ақырҭуа иколлега иҟалҵаз адныҳәаларазы ҭабуп ҳәа леиҳәеит.
Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Украинеи Амшын еиқәа арегионаҿ аҭынчра ашьақәыргылара иацхраар рылшоит.
Иара убас, жәларбжьаратәи аформатқәа рҿы аусеицурагьы далацәажәоит.
Андреи Сибига Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лусураҿы ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит, ақырҭуа жәлар – аҭынчреи мышхәыбзазареи.