Андреи Сибига – Ақырҭуа аган асаркьа ианынҧшыло, рхатә сахьа иазгәаар ҟалом, Евроеидгыла алалара апроцессаҿ алҵшәа цәгьақәа зыхҟьаз амзызқәа Киев акәымкәа, Қарҭ ауп иахьыҟоу
Андреи Сибига – Ақырҭуа аган асаркьа ианынҧшыло, рхатә сахьа иазгәаар ҟалом, Евроеидгыла алалара апроцессаҿ алҵшәа цәгьақәа зыхҟьаз амзызқәа Киев акәымкәа, Қарҭ ауп иахьыҟоу

Ҳара аиҩызаратә ақырҭуа жәлар акоуп ирзеиҕьаҳшьо, уажәтәи аиҳабыра рполитика иамыхәаҧшкәа, ревропатәи хықәкқәа нарыгӡароуп, – иҩит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Сибига асоциалтә аҳаҿы.

Сибига Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили  лҳәамҭа дахцәажәеит. Боҷоришвили ишылҳәаз ала,  „Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа амҩеи акандидат астатус аиура апроцесси еснагь ирыцын Украина аган аҟынтә азнеишьа цәгьа, дара Қырҭтәыла акандидат астатус аиур рҭахымызт“.

Сибига иҳәамҭала,  ақырҭуа аган асаркьа ианынҧшыло, рхатә сахьа иазгәаар ҟалом.

„ „Ақырҭуа аган асаркьа ианынҧшыло рхатә сахьа иазгәаар ҟалом, Евроеидгыла алалара апроцессаҿ алҵшәа цәгьақәа зыхҟьаз амзызқәа Киев акәымкәа, Қарҭ ауп иахьыҟоу. Ҳара аиҩызаратә ақырҭуа жәлар акоуп ирзеиҕьаҳшьо, уажәтәи аиҳабыра рполитика иамыхәаҧшкәа, ревропатәи хықәкқәа нарыгӡароуп. Қырҭтәыла Европоуп, ари атәыла  „аурыс дунеи“ иаҵанакәам“,  – иҩит Сибига.