Андреи Касианов  -  Урыстәыла аҭынчратә аукраин дгьыл ианажәыла,  Қырҭтәыла  Украина иаҳа  иацхраап ҳәа ҳгәыҕуан, аха, рыцҳарас иҟалаз, уи ҟамлеит
Андреи Касианов  -  Урыстәыла аҭынчратә аукраин дгьыл ианажәыла,  Қырҭтәыла  Украина иаҳа  иацхраап ҳәа ҳгәыҕуан, аха, рыцҳарас иҟалаз, уи ҟамлеит

«Аамҭа цәгьа аан, аурыс ампыҵахалаҩцәа Қырҭтәыла ианажәыла, украинаа аешьаратә Қырҭтәыла иадгылеит. Ҳара зегьы рыла ҳшәыцхраауан, аполитикатәи агуманитартәи ганахьала мацара акәымкәа», — иҳәеит Қырҭтәылаҿ Украина азҵаарақәа аамҭала знапы иану  Андреи Касианов.

«90-тәи ашықәсқәа рзы украинатәи ахалагәаҧхаҩцәеи аҧырҩцәеи  Аҧсны иҟан, акгьы зхарамыз ақырҭуаа еиқәдырхон.  В 2008 шықәсазы, аурыс ампыҵахалараан,  урыстәылатәи агрессиа аанкыларазы, Қырҭтәыла  абџьар рацәа аиуит. Урыстәыла аҭынчратә аукраин дгьыл ианажәыла,  Қырҭтәыла  Украина иаҳа  иацхраап ҳәа ҳгәыҕуан, аха, рыцҳарас иҟалаз, уи ҟамлеит.  Ҳстратегиатә еизыҟазшаьақәа рҭоурых иазҧхьагәаҭаны, агәра ганы ҳаҟоуп Қырҭтәылеи Украинеи еидгыланы, ҧхьаҟацара шынарыгӡо ҳажәларқәа аҭынчратә перспективтә аҧеиҧш рзеиқәыршәаразы. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп адемократиатә дунеи ацхыраарала Украина ишаиааиуа, аҕа ахьырхәра шиоуа», — иҳәеит Андреи Касианов ақырҭуа-украинатәи апартниорра ашьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра иазкыз ауснагӡатә аҿы.