Қырҭтәыла иҟоу Украина аамҭалатәи ахаҭарнак Андреи Касианов Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьеит.
Актәи аканал ари атәы азаарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.
«Аминистррашҟа ҳиҧхьеит иара иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы аилыркаарақәа ҳаурц азыҳәан. Ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу егьырҭ азҵаарақәа ари аиҧылараҿы ҳрылацәажәом», — аарыцҳаит аминистрра аҟынтәи.