Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза аргыларазы аҵыхәтәантәи ажәалагала ҟанаҵеит китаитәи аконсорциум мацара, иааиуа амшқәа рзы аофициалла иааҳацҳауеит ари аконсорциум аиааира ишагаз
«Анаклиа иҵаулоу абаҕәаза аҿиара агентра ашҟа аҵыхәтәантәи аамҭазы аҵыхәтәантәи ажәалагала ҟанаҵеит китаитәи аконсорциум мацара, иааиуа амшқәа рзы аофициалла иааҳацҳауеит ари аконсорциум аиааира ишагаз», — иҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили иахьатәи абрифинг аҿы.
«Ишдыру еиҧш, Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза аргыларазы ицәыргаз аквалификациатә аҳәарақәа ирышьашәалан 2 претендентк мацара — швеицариа-лиуқсембургтәи аилахәыреи (Terminal Investment Limited Holding S.A. (T.I.L Holding S.A)) китаи-сингапуртәи аконсорциуми (China Communications Construction Company Limited (Китаи) China Harbour Investment Pte. Ltd (Сингапур), абарҭ апретендентцәа лаҵара 20-нӡа атехникатәи, акоммерциатәи, афинанстәи ажәалагалақәеи, иара убас, аиқәшаҳаҭрақәа рзы азгәаҭарақәеи цәырыргар акәын.
Лаҵара 20 рзы Анаклиа иҵаулоу абаҕәаза аҿиара агентра ашҟа аҵыхәтәантәи ажәалагала ҟанаҵеит китаитәи аконсорциум мацара (China Communications Construction Company Limited(China) & China Harbour Investment Pte. Ltd (Singapore).
Аконсорциум ицәырнагаз ажәалагалақәа рыхәаҧшра ашьҭахь, акомиссиа аиааирагаҩы даанарҧшуеит, анеҩс, аконцессиатә аилаӡареи апартниортә аиқәшаҳаҭреи ирызку аиҿцәажәарақәа иалагоит.
Уи аинституциатә аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи партниорроуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аиҳабыра, аҳәынҭқарратә еилахәырала 51% аиуеит, хазхаҭалатәи апартниор 49% итәхоит.
Апроект анагӡара аҟынтә иззыҧшу алҵшәақәа: зқьыла аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵара; аҭыҧантәи ауааҧсыра рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра; Қырҭтәыла иалсны ицо атранспорттә корридор аконкуренциалшара аизырҳара; абаҕәаза иазааигәаны иҟоу ааглыхреи алогистикатә центрқәеи рҿиара.
Анаклиатәи абаҕәаза импыҵахалоу Аҧсны иқәынхо ауааҧсырагьы аднаҧхьалоит – дара Анаклиатәи абаҕәазаҿ аусура иалагар рылшоит. Иара убас, импыҵахалоу аҵакырадгьыл иқәынхо ауааҧсыра раалыҵ Анаклиатәи абаҕәазала аекспортахь идәықәырҵар рылшоит. Раҧхьатәи аетапаз абаҕәаза 600 нызқь аконтеинерқәа (7 800 000 тонн) рыдкылара алшоит, апроект – 600 миллион адоллар иаҧсоуп. Иара убас, аҳәынҭқарра, абаҕәаза ааигәара зхы иақәиҭу аиндустиатә зона аҧҵара азҵаара иахәаҧшуеит», — иҳәеит Давиҭашвили.