Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза амшынтә инфраструктура апроект аиқәыршәареи аргылареи азы ирылаҳәаз атендер аҿы аиааира агеит бельгиатәи аилахәыра
«Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза амшынтә инфраструктура апроект аиқәыршәареи аргылареи азы ирылаҳәаз жәларбжьаратәи атендер аиааирагаҩы даарҧшуп. «Аҧшьбара ду» аҟынтә иалхын бельгиатәи аилахәыра ду Jan De Nul», — аарыцҳаит Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аҟынтәи.
Аусбарҭа адыррала, аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, европатәи аилахәыра дуӡӡа абаҕәаза акватори арҵаулареи ацәқәырҧаҧҟага аргылареи иадҳәалоу аусурақәа зегьы нанагӡоит.
«Атендертә комиссиа алахәылацәа ибзиаӡоу рҟынтә иреиҕьу алырхит. Аилахәырақәа рызынтәгьы европатәиқәоуп, ари аусхкы аҿы жәларбжьаратәи ахьӡ ду рымоуп. Адунеиаҿ амшын аҵан арҵауларатә флот 80% – атендер иалахәыз абарҭ аилахәарақәа иртәуп.
Бельгиатәи аилахәыра Jan de Null ишьаҭакын 1938 шықәсазы, уи 2,5 миллиард евро аҧареикәшара амоуп, аилахәыраҿ аус руеит 7000ҩык иреиҳаны. Ари аилахәыра Панаматәи аӡымҩахгага аргылара активла иалахәын, иара убас, адунеи еиуеиҧшым арегионқәа рҿы апроектқәа рацәа нанагӡеит», — иануп Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аинформациаҿы.