Анаклиатәи абаҕәазаҿ амшынтә инфраструктура еиҿызкаауа аилахәыра аадырҧшуеит ҧхынгәы  ​​26 рзы
Анаклиатәи абаҕәазаҿ амшынтә инфраструктура еиҿызкаауа аилахәыра аадырҧшуеит ҧхынгәы  ​​26 рзы

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили ишиҳәаз ала, Анаклиатәи абаҕәаза иадҳәаланы, аминистрреи  жәларбжьаратәи аилахәырақәеи  аинвестор иаарҧшреи аргыларатә усурақәа ралагареи азыҳәан активла аус руеит.

Иара ишиҳәаз ала, аргыларатә еилахәыра аадырҧшуеит ҧхынгәы  26 рзы.

«Аргыларатә усурақәа ирыдҳәаланы ишәасҳәар сҭахуп ҳара  «аҧшьбара ду» аҟны аиҿцәажәарақәа шымҩаҧаагаз. Аконкуренциа иҟан, амшынтә аргылараҿы аҧышәа ду змоу  аргыларатә еилахәыра иалхуп. Уаҵәы ари апроцесс хыркәшазароуп. Араагьы аинџьныр-консультантцәа  рыбжьагарақәа иазҧхьагәаҳҭоит. Уаҵәы  ҳпартниор дааҳарҧшуеит, нас, ажәлар аинформациа наӡа раҳҭоит», — иҳәеит  Леван Давиҭашвили.