Ана Буҷукури  - Европа Ахеилак аделегациа ҳрыҳәеит рмандати рхықәки ирыдҳәаланы аҳәамҭақәа ҟарҵарц, избанзар, „Ақырҭуа гәахәтәы“ ари авизит апропагандазы рхы иадырхәоит
Ана Буҷукури  - Европа Ахеилак аделегациа ҳрыҳәеит рмандати рхықәки ирыдҳәаланы аҳәамҭақәа ҟарҵарц, избанзар, „Ақырҭуа гәахәтәы“ ари авизит апропагандазы рхы иадырхәоит

Европа Ахеилак аделегациа ҳрыҳәеит рмандати рхықәки ирыдҳәаланы аҳәамҭақәа ҟарҵарц, избанзар, „Ақырҭуа гәахәтәы“ ари авизит апропагандазы рхы иадырхәоит, – илҳәеит апартиа „Гахариа Қырҭтәылазы“ иалахәы  Ана Буҷукури.

Лара лҳәамҭала, Европа Ахеилак аделегациа алахәылацәа абаандаҩтәраҿы иҟоу ауаа ирызку аинформациа наӡа рырҭеит.

„Аиҧылараҿы ҳара, раҧхьа иргыланы,  абри апропаганда ҳалацәажәеит. Аделегациа алахәылацәа иаартны ираҳҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ари авизит апропагандазы рхы ишадырхәо, убри аҟынтә, Европа Ахеилак аделегациа рмиссиеи рхықәки иазкны аҳәамҭа аҟаҵара шрыхәҭоу. Ҳара инарҭбааны ирзеиҭаҳҳәеит Биӡина Иванишвили итҟәараҿы иҟоу, закәандарала иаанкылоу шәҩыла ауааҧсыра ирызкны. Ҳара арҭ ауаа рхақәиҭтәраҿы иҳацхраарц ҳрыҳәеит“, – илҳәеит Буҷукури.