Қьырсa ибзaхaрa, aныхaбaa ахь амца албаара.
Атрадициа инақәыршәаны, аныхабаа аҟынтә амца дәылигоит Иерусалим апатриарх.
Асабша дуӡӡа имҩаҧырго аныҳәараҿы, ақьырсиантә мшаҧы алагамҭазы, Иерусалимтәи Анцәа идамра аҟынтәи иҭырго, иҧшьоу амца алҧха ацуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Ақьырсианцәа Ажәытә Иерусалим Анцәа идамра алашара аҭыҵра Иаса Қьырса данҧсы ашьҭахь ибзахара иасимволны ирыҧхьаӡоит.
Қьырсa идaмрa IV aшәышықәсaзы aҳкәaжә Еленa илыргылaз aныхaбaa aҿы aуп aхьыҟоу.