Амшынтә транспорт азы агентра Баҭыми Новороссииски рыбжьара еиҧҟьарадатәи ишиашо амшынтә еимадара иалагазшәа аларҵәара зауз аинформациа мап ацәыркуеит
Амшынтә транспорт азы агентра Баҭыми Новороссииски рыбжьара еиҧҟьарадатәи ишиашо амшынтә еимадара иалагазшәа аларҵәара зауз аинформациа мап ацәыркуеит
Амшынтә транспорт азы агентра Баҭыми урыстәылатәи ақалақь Новороссииски рыбжьара еиҧҟьарадатәи ишиашо амшынтә еимадара иалагазшәа аларҵәара зауз аинформациа мап ацәыркуеит. Ари атәы иануп Амшынтә транспорт азы агентра аҳәамҭаҿы.
«Сынтәа мшаҧы инаркны Баҭыми урыстәылатәи ақалақь Новороссииски рыбжьара ишиашо амшынтә еимадара иалагазшәа шәамахьтәылатәи АИХ иаладырҵәаз аинформациа ииашам.
Аконкреттә амҩангарақәа ирыдҳәаланы иазгәаҳҭар ҳҭахуп мшаҧы азы Палау абираҟ аҵаҟа иӡысуа аҕба Haci Musa Ucak (IMO 9128544) Новороссииски Баҭыми рыбжьара акоммерциатә 2 реиск шынанагӡаз. Хымҧада иазгәаҭатәуп арҭ ареисқәа еиҧҟьарадатәи аҟазшьа шрымам, аамҭа-аамҭала имҩаҧысуа акоммерциатә усура иазкуп. Зыӡбахәы ҳәоу аҕба зтәу аилахәыра асанкциақәа азышьақәыргылам, ари аҕба наҟ-наҟгьы акоммерциатә реисқәа мҩаҧнагоит.
Аҕба иақәыз аидара атранзит ҟалоит, уи Шәамахьтәыла иазкуп. Амшынтә транспорт азы агентреи Афинансқәа рминистрра Ахашәалахәтә маҵзуреи еиҧҟьарада аҕбақәеи, урҭ рыҧшәмацәеи жәларбжьаратәи асанкциақәа рзышьақәыргылазар гәарҭоит. Убри аҟынтә, аҕба ма уи аҧшәма асанкциатә сиа ианызар, урҭ Қырҭтәыла абаҕәаза изҭалом», — иануп аҳәамҭаҿы.