Амшаҧы аныҳәа лаша иазку апатриарх иепистола
Амшаҧы аныҳәа лаша иазку апатриарх иепистола

Самеба аныхабаа аҿы апатриарх иепистола даҧхьеит.

Қырҭтәыла акатоликос патриарх Илиа аҩбатәи ауааҧсыра Амшаҧы аныҳәа лаша рыдиныҳәалеит.

Аепистола алагамҭа аҿы, Апатриарх Иаса Қьырса ибзахара аҭоурых дазааҭгылеит.

Илиа аҩбатәи аиашахаҵаҩцәа Содоми Гомореи рҭаурых ргәалаиршәеит  Аҩынтәтәи ааира аан анаҭреи, ахьхәреи, алархәреи рҵакы дазааҭгылеит.

Қырҭтәыла Апатриарх ишазгәеиҭаз ала, ауаҩы Қьырса иҵара ахашҭреи агәнаҳа аҟаҵареи илшоит, аха аҧсреи Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи урзыцәцом.

Илиа аҩбатәи иепистола аҿы ишаныз ала, амч цәгьақәа  еснагь аиаша иабашьуан, иаҿагылон, ҩажәатәи ашәышықәсазы ари атеизми акоммунисттә  режими рсахьа аиуит.

Агәнаҳеи абзиареи аҿкы ирҩызоуп, урҭ рылҵшәақәа ҳажәлар рхымҩаҧгашьа аҿы иубарҭоуп, иануп аепистола аҿы.