Амитинг алахәылацәа «Ақырҭуа гәахәтәы» аофис аҟынтә апарламент ашҟа идәықәлеит
«Ақырҭуа гәахәтәы» аофис аҧхьа еизаз амитинг алахәылацәа апарламент ашҟа идәықәлеит.
Акциа алахәылацәа рҳәамҭала, дара иахьа «Ақырҭуа гәахәтәы» ирыдыркылаз аӡбара иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.
Амитинг иалахәып еиуеиҧшым аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа.