Амилаҭтә статистикатә маҵзура – Ажьырныҳәеи хәажәкыреи рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи ахәаахәҭратә аикәшара еиҵхеит 0,3 наӡынала
Амилаҭтә статистикатә маҵзура – Ажьырныҳәеи хәажәкыреи рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи ахәаахәҭратә аикәшара еиҵхеит 0,3 наӡынала
Амилаҭтә статистикатә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, сынтәа ажьырныҳәеи хажәкыреи рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи ахәаахәҭратә аикәшара 2 773,5 миллион адоллар иаҟаран, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 0,3 наӡынала еиҵуп.
Иарбоу аҧаратә аицҵалыҵ аҟынтә 821,1 млн. адоллар аеқспорт ауп ( 5,3 наӡынала еиҳауп), аимпорт 1 952,4 млн. адоллар иаҟароуп ( 2,4 наӡынала еиҵуп).
Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, ажьырныҳәеи хәажәкыреи рзы ахәаахәҭратә баланс иҵоурам асальдо 1 131,4 млн. адоллар иаҟароуп, адәныҟатәи ахәаахәҭратә аикәшара аҟынтә 40,8 наӡына.