Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, Қырҭтәыла атәанчахәи асоципакетқәеи зауа атәылауаа рхыҧхьаӡара милиионҩык рҟынӡа ишьҭыҵит
Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, Қырҭтәыла атәанчахәи асоципакетқәеи зауа атәылауаа рхыҧхьаӡара милиионҩык рҟынӡа ишьҭыҵит

Амилаҭтә статистикатә маҵзура асоциалтә ахьчара арбагақәа ирызку аинформациа аланарҵәеит.

Аусбарҭа адыррақәа рыла,  2020 шықәсазы  Қырҭтәыла атәанчахәи асоциалтә пакетқәеи роуеит  958 317 ҩык атәылауаа. Урҭ рҟынтә  783 705 ақәрала атәанчахә роуеит.

Амилаҭтә статистикатә маҵзура адыррақәа рыла, ҵыҧх атәанчахәи асоцпакетқәеи роуан  174 612ҩык атәылауаа. Урҭ рҟынтә  72,5 наӡына  —  зылшарақәа маҷу ауааҧсыра роуп, 12,6  наӡына  —  ахылаҧшҩы дызцәыӡыз аҭаацәарақәа рылахәылацәа роуп,   8,9 наӡына  —  аибашьра аветеранцәа, 5,7 наӡына аҳәынҭқарратә компенсациа роуеит,   0,3 наӡына  — егьырҭ асоцпакетқәа рхы иадырхәоит.