Амилаҭтә гвардиа асолдаҭцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит
Анкара имҩаҧган аҧсабаратә рыцҳарақәа раан аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа рзы х-ганктәи азыҟаҵарақәа, урҭ ирылахәын Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани рыруаа.
Х-ганктәи азыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман аҧсабаратә рыцҳрақәа раан Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, рҟынтә аҧшаара-аиқәырхаратә гәыҧқәа рыбжьара аусеицуреи, акоординациеи, аоперативтә аишьашәалазаареи арҕәҕәара.
Азыҟаҵарақәа мҩаҧган аротациа апринципла. Ҳаҧхьаҟа арҭ азыҟаҵарақәа Азербаиџьан имҩаҧысуеит, анеҩс – Қырҭтәыла.