«Амилаҭтә ҵысреи», «Аҕмашенебели истратегиеи» «Лелои» Жәлар рыхьчаҩ иалхра иазкны «Ақырҭуа гәахәтәы» идырмазеиз азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа аҩбатәи аҧхьарала ирыдрымкылеит
«Амилаҭтә ҵысреи», «Аҕмашенебели истратегиеи» «Лелои» Жәлар рыхьчаҩ иалхра иазкны «Ақырҭуа гәахәтәы» идырмазеиз азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа аҩбатәи аҧхьарала ирыдрымкылеит.
Аҩбатәи аҧхьарала азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа ирыхәаҧшуан иахьатәи апленартә аилатәараҿы.
Зыӡбхәы ҳәоу аоппозициатә партиқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, азакәанпроект актәи аҧхьараан дара азгәаҭарақәеи абжьагарақәеи ҟарҵеит, аха, анапхгаратә гәыҧ урҭ рыдрымкылеит, убри азоуп даргьы аҩбатәи аҧхьарала азакәанпроект изадымгылаз.
Аоппозициаа рыхәҭак ари азакәанпроект иадгылеит.