"Амилаҭтә ҵысра" хаҭарнакцәа апарламент ахь Давид Залкалиани днеирц идҵаны иқәдыргылоит
“Амилаҭтә ҵысра” хаҭарнакцәа апарламент ахь Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани днеирц идҵаны иқәдыргылоит. Ари атәыаалыцҳаит “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Ҭина Бокучава.
Бокучава лажәақәа рыла, Саакашвили иус азы апарламент аҿы аусԥшааратә комиссиа аԥҵаразы ирылшо зегь ҟарҵоит.
“Иахьа абиуро аҿы аҵак ду змоу азҵаара иахәаԥшуеит – ахада Михеил Саакашвили иганахьала апату аларҟәратә, ауаҩытәыҩса ицәтәыму ахымҩаԥгашьа аҭҵааратә аусԥшааратә комиссиа аԥҵара азҵаара. Ари акомиссиа ашьаҭаркразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ари “Амилаҭтә ҵысразы” априоритет ду змоу зҵаароуп, убри аҟынтә егьырҭ аоппозициатә партиақәа рҟны аконсультациақәа наҳагӡоит. Ари аԥшьгара хада аҳәаақәа ирҭагӡаны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани апарламент ахь иааԥхьара ҳгәы иҭоуп.” – илҳәеит Блкучава.