“Иаку амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа Иҟаиҵаз аҳәамҭала, “Амилаҭтә ҵысра” мшаԥы 19 рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра (Шарль Мишель идокумент) рнапы аҵарҩуеит.
“Иаку амилаҭтә ҵысра мшаԥы 19 рзы аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩуеит, ҳақәгәыӷуеит жьҭаара 2 рзы имҩаԥысуа ареферендум аҿы аиааира шаҳго.
Ҳара,”Амилаҭтә ҵысра” аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩуеит “Ақырҭуа гәахәтәы” гәахәтәыс ирымоу анагӡара рылымшарц азы. Ҳара ҳтәыла амоу ацивилизациатә аӡбара ҳадгылоит, уи мраҭашәаратәи аҭаацәара алалара ауп. Аиаира ганы, иҿиаау, беиоу, адемократиатә Қырҭтәыла ҳаргылоит,” – иҳәеит Ника Мелиа.