«Амилаҭтә ҵысра» Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рахь инеиз атәымуаа, ма атәылауаҩра змам ауааҧсыра Қырҭтәыла алалара азин рызымҭаша азакәанҧҵаратә ариашарақәа рыла апарламент иадҵаалт
«Амилаҭтә ҵысра» Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рахь инеиз атәымуаа, ма атәылауаҩра змам ауааҧсыра Қырҭтәыла алалара азин рызымҭаша азакәанҧҵаратә ариашарақәа рыла апарламент иадҵаалт.
Афракциа алахәылацәа «Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызку» азакәан ашҟа иашьашәалоу ариашарақәа еиқәыршәаны, иахьатәи аилатәараҿы ицәырыргеит.
«Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа ишырҳәаз ала, ишьақәыргылоу аҧкрақәа рыдкьыслоит Қырҭтәылеи Украинеи рымпыҵахалареи арратә грессиеи иадҳәалоу афизикатәи аиуристтәи ахаҿқәа зегьы.
Азакәанпроект ишану ала, ишьақәыргылоу аҧкрақәа рыдкьыслароуп Қырҭтәылеи Украинеи арратә агрессиа амшала Евроеидгыла ма НАТО атәылақәа асанкциақәа ззышьақәдыргылаз афизикатәи аиуристтәи ахаҿқәа.
Иара убас, апроектаҿ ишазгәаҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу азакәан еилазго афизикатәи аиуристтәи хаҿақәа Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ иарбанызаалак аекономикатә ауранагӡара азин рымам.
Убри адагьы, Қырҭтәыла иҟоу аиуристтә хаҿқәа зегьы, зыӡбахәы ҳәоу азакәан еилагзо афизикатәи аиуристтәи хаҿқәа рҟынтә ишиашо ма инахықәшаны афинансқәа раиура азин рымам.