„Амилаҭтә ҵысра“ қарҭтәи аиҿкаара ахантәаҩцәа Леван Хабеишвили иамхра иаҳәоит
„Амилаҭтә ҵысра“ қарҭтәи аиҿкаара ахантәаҩцәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
Аҳәамҭа ишану ала, апартиаҿы хымҧада аиҭакрақәа мҩаҧганы, апартиа аусура арежим ҷыдашҟа ииагатәуп.
„Аҵыхәтәантәи 10 мза рыла апартиа ахантәаҩы Леван Хабеишвилии уажәтәи аменеџьменти апартиа акзаареи арҕәҕәареи иаҧырхагахаз, ииашамыз ашьаҿақәа рацәа ҟарҵеит, убри амшала апартиаҿы ихьанҭаӡоу аполитикатә кризис ҟалеит. Иааигәахо, зҵакы дуу 2024 шықәсатәи алхрақәа раҧхьа, аурыс режим аҿагылареи иаку амч ала аусуреи азыҳәан, апартиаҿы аиҭакрақәа мҩаҧгатәуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Апартиа арежим ҷыдашҟа ииасроуп. Лымкаала: 1. Апартиа ахантәаҩы Леван Хабеишвили зыҧшра ҟамҵакәа инапынҵақәа шьҭеиҵароуп, адемократиа иашьашәалам апринципла еиҿкааз аполитхеилак азинмчы аанкыланы, аӡбара здызкылана анапхгаратә орган, „Аиқәшаҳаҭхара ахеилак“ еиҿкаатәуп, уи азинмчқәа ирылазаауеит апартиа аполитхеилаки, амаӡаныҟәгареи, ахантәаҩи рыҧхықәрақәа. 2. „Аиқәшаҳаҭхара ахеилак“ еиҿкаазароуп апаритеттә принципла, аӡбарақәа зегьы рыдыркылароуп иҳаракӡоу алегитимациала. 3. Хара имгакәа апартиа аизара ду мҩаҧганы, „ахеилак“ шьақәырҕәҕәазароуп, апартиа апҟанҵа иашьашәалоу аҧсахрақәа алагалазароуп“, – иануп аҳәамҭаҿы.