"Амилаҭтә ҵысра" "Импықахалоу аҵакырадгьылқәа ирызку" азакәан арцәгьара аԥшьгарала иқәгылеит
"Амилаҭтә ҵысра" "Импықахалоу аҵакырадгьылқәа ирызку" азакәан арцәгьара аԥшьгарала иқәгылеит

“Амилаҭтә ҵысра” “Импықахалоу аҵакырадгьылқәа ирызку” азакәан арцәгьара иазку азакәанԥҵаратә аԥшьгарала иқәгылеит. Аԥсахра инақәыршәаны, Қырҭтәылеи Украинеи рҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара ма арратә агрессиа иалахәыз ма уажәы иалахәу ахаҿқәа, Қырттәыла аҭаареи аекономикатә усзура амҩаԥгареи рзин рымам.

Аԥсахрақәа рыла, иахьа амч змоу аԥкрақәа Қырҭтәылеи Украинеи ртерриториақәа рымпыҵахалареи арратә агрессиеи иалахәу  афизикатә ма аиуристтә хаҿқәа зегьы ирызкхоит.

Апроект ала, азакәан еилазгаз афизикатә ма аиуристтә хаҿқәа, Қырттәыла аҵакырадгьыл аҿы иарбанзаалак аекономикатә усузура зин рымам.

Ари ада, аԥсахрақәа рыла, ари азакәан еилазгаз атәым тәылақәа ртәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи, Қырҭтәыла аҭаара рылшом.