"Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа ишаарыцҳауа, рпартиа аконсультант Бен Маллет Қырҭтәылаҟа даармышьҭит
"Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа ишаарыцҳауа, рпартиа аконсультант Бен Маллет Қырҭтәылаҟа даармышьҭит

“Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнакцәа ишаарыцҳауа, апартиа аконсультан, Британиа атәылауаҩ Бен Маллет Қырҭтәылаҟа днармышьҭит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ иҟоуп “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Леван Хабеишвили, апартиа амаӡаныҟәгаҩ Хада Петре Цискаришвили, арегионтә маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Ботковели. Урҭ рконсультант Қырҭтәылаҟа инамышьҭра амзыз аҳәара идҵаны иқәдыргылоит.

“Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнакцәа рдыррақәа рыла, адокумент аҿы анамышьҭра мзызс ишану ала, Маллет “Қырҭтәыла азакәанԥҵарала иҳәаақәҵоу аҳәарақәа дрышьашәалам”.

“Уи мышқәак раԥхьа ара дыҟан, иахьа дхынҳәуан, аха днармышьҭит, избан акәзар ҳофисқәа ирыцклаԥшуеит, ҳара ҳацклаԥшуеит. Ари ауаҩы ҳофис ашҟа дахьаауаз ирбеит. Аурысцәа ҳтәылауаа ахьыршьо, ари гәхьаас ирымам. Аха “Амилаҭтә ҵысреи” “Астратегиа Аӷмашенебелии” рконсультант, Британиа атәылауаҩ атәылаҟа днармышьҭит. “Ақырҭуа гәахәтәы” расҳәар сҭахуп – Бен дмаауазар, даҽа консультантк даауеит, дҳацхраауеит. Биӡина Иванишвилии Лилуашвилии рмилионқәа ирцәымӡыр ишәоит”, – иҳәеит Леван Хабеишвили.