"Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа иахьа атәыла ахада имҩаҧылго аиҧыларашҟа инеиуам
«Атәыла ахада лыҧшьгара ҳақәшаҳаҭуп, аполитикатә кризис алҵразы мҩак ҧшаатәуп», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Леван Бежашвили.
Иара иажәақәа рыла, «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа аиҧылара рхы аладырхәом, аха аоппозициа егьырҭ ахаҭарнакцәа рыӡбара иадгылоит.
«Аиҧылара аформа еилкаам, ашықәсҿыцтәи аиҧылароуп ҳәа аарыцҳаит. Ҳәарада, ҳара абри аҩыза аиҧыларашҟа ҳазнеиуам, аха, абри алшара зхы иазырхәо егьырҭ аоппозициатә партиақәа рыӡбара ҳадгылоит. Дара аиқәшаҳаҭхара апроцесс алагара иазкны атәыла ахада иқәлыргылаз аинициатива иадҳәаланы ргәаанагара аадырҧшыр рылшоит.
Анеҩс, аусуратә формат ашҟа ианиаслак, ҳаргьы активла аиҧыларақәа ҳрылахәхәоит. Атәыла ахада лыҧшьгара ҳақәшаҳаҭуп, аполитикатә кризис алҵразы мҩак ҧшаатәуп», — иҳәеит Бежашвили.
Қырҭтәыла ахада аполитикатә партиақәа рзы ашықәсҿыцтәи адкылара мҩаҧылгоит.