"Амилаҭтә ҵысра" аоппозициатә партиақәа аԥырхыз алхартә сиақәа реиҭашьақәыргылара идҵаны иқәнаргылоит
"Амилаҭтә ҵысра" аоппозициатә партиақәа аԥырхыз алхартә сиақәа реиҭашьақәыргылара идҵаны иқәнаргылоит

Афракциа “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Хатиа Деканоиӡе лажәақәа рыла, “Ақырҭуа гәахәтәы” апарламенти зехьынџбареи аоппозициаа рырԥсыҽра аҭахуп.

“Ҳколлегацәеи ҳареи, урҭ рыбжьара Бадри Џьаԥариӡеи, Шьалуа Наҭелашвилии, изныкымкәа ҳҳәахьеит ҳажәалагалақәа шҳадгыло, Михеил Саакашвили иус ахы аусԥшаратә комиссиа азҵаара уахь иналаҵаны. Абри акомиссиа ашьаҭаркра мышқәак шагыз, “Ақырҭуа гәахәтәы” Бадри Џьаԥариӡеи, Шьалуа Наҭелашвилии адепутаттә мандатқәа рымхра аӡбара аднакылеит,” – илҳәеит Деканоиӡе.

Афракциа “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы анапхгара рхаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла апарламент аӡы ақырҭуа жәлар иалырхыз амандат асиақәа рҟынтә ихарҭәаатәуп. Амандатқәа зегьы аоппозиациатә партиақәа рзырхынҳәҭәуп ҳәа.

Апарламент аҿы Бадри Џьаԥариӡеи, Елене Хоштариеи, Шьалуа Наҭлашвилии рдепутаттә зинмчы аанкылара аӡбара  жәабран 15 азы, апленартә аилатәараҿ рыдыркылоит.

Елене Хоштариеи Шьалуа Наҭелашввили рдепутаттә зинмчы аанкылара шьаҭас амоуп аконституциатә нҵамҭа – апарламент алахәыла асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аилатәарақәа рахь данымнеиуа, изинмчы аанкылахоит. Елене Хоштариеи Шьалуа Наҭелашвилии ажәабатәи ааԥхьара апарламент апленарт сессиақәа рахь зныкгьы имнеиӡацт. Бадри Џьаԥариӡе идепутаттә зинмчы аанкылара ашьаҭа – аӡбарҭа аднакылаз аӡбароуп.