«Амилаҭтә ҵысра» иалахәы Гиа Барамиӡе ишиҳәаз ала, уажәазы апартиа изакәызаалак аиҿцәажәарақәа ирылахәым.
Иара иажәақәа рыла, европатәи америкатәи апартниорцәа рмедиациа ала аиҿцәажәарақәа рынагӡара иазыҧшуп.
«Изаамҭаным алхрақәа уҳәа, акризис алҵраҿы иҳацхрааша зҵакы дуу азҵаарақәа хшыҩзышьҭра роуп ҳәа ҳгәыҕуеит. Уажәазы ҳара изакәызаалак аиҿцәажәарак мҩаҧаагом. Еиуеиҧшмы апартиақәа хаҭала адиалог нарыгӡоит, ҳара уи ҳаҿагылом, дара рхатә мҩала ацара азин рымоуп, аха, ажәлари атәылеи рҿаҧхьа аҭак шрыҧхықәу рхамшҭып ҳәа сгәыҕуеит.
Изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгареи аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи иазку аҽазышәарақәа рҿы ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит. Ииашоу алхрақәа ҳрылацәажәозар, Михаил Саакашвилигьы егьырҭ аполитикатә ахҵәацәагьы Қырҭтәыла иааны рпартиаҿы аусура азин рымазароуп», — иҳәеит Гиа Барамиӡе.