"Амилаҭтә ҵысра" аинформациала, Қарҭ иҟоу апартиа ацентртә офис иақәлеит
“Амилаҭтә ҵысра” аинформациала, иацы, хәылбыҽхан Қарҭ иҟоу апартиа ацентртә офис иақәлеит.
“Иванишвили урыстәылатәи ирежим “атитушкацәа” Иаку амилаҭтә ҵысра ацентртә офис иақәлеит.
Авандалтә жәылара сааҭбжак инагӡон, ажәылара шәҩык рҟнӡа иалахәын. Аофис афасад, аԥенџьырқәа, аинвентар аԥхасҭа аиуит.
Ари ажәылара Қырҭтәыла аинтересқәеи ақырҭуа жәлари ринтересқәа зыхьчо “Амилаҭтә ҵысра” аганахьала имҩаԥгаз агониаҿ иҟоу аиҳабыра рыдҵала инагӡаз жәылароуп. Ақырҭуа жәлар рымчала хара имгакәа апаникаҿ иҟоу Иванишвили ирежим амчылара аҵыхәа ԥҵәоит! Қырҭтәыла ахаан Урыстәылахом!” – иануп аҳәамҭа аҿы.
Апартиа ахантәаҩы Леван Хабеишвили асоциалтә каҭаҿы ишааицҳаз ала, Амилаҭтәҵысра аофис ақәылара аполициеи Ашәарҭадаратә маҵзуреи рыдҵара мҩаԥган.
“Аполициа сааҭбжа ашьҭахь ааит. Ари ақәылара аполициеи Ашәарҭадаратә маҵзуреи рыдҵара мҩаԥган. Ақәылара иацы, хәылбыҽхан мҩаԥыргеит. Ажәылара еиҭамҩаԥырымгарц азы, иахьа аофис аҿы ауаа рацәаны ҳаҟоуп, ҳхәыҷқәа ҳаманы ҳааит. Ажәылара афакт акамерақәа ҭырхит. Аха аполициа ари авандализм иашьашәалоу ақәҿыҭра амнаҭеит”, — иҳәеит Хабеишвили.