Амилаҭтә банк жәларбжьаратәи арезервқәа 25.9 млн америкатәи доллар рыла имаҷхеит
2020 шықәса абҵаразы Амилаҭтә банк аофициалтә жәларбжьаратәи арезервқәа 25.9 млн америкатәи доллар рыла имаҷхеит.
Амилаҭтә банк аинформациа ала, жәларбжьаратәи арезервқәа рмаҷхара Амилаҭтә банк авалиутатә интервенциақәеи аиҳабыра авалиутатә харџьқәеи ирыбзооуроуп.
Абҵаразы Амилаҭтә банк ԥшь интервенциак мҩаԥнагеит, авалиутатә џьармыкьаҿ 173750000 доллар ҭиин.
Абҵара 30 рзы жәларбжьаратәи арезервҵәа 3751 млрд доллар иаҟаран.