Амилаҭтә банк – Ҧхынҷкәын азы Қырҭтәылаҟа аҧара аиагара ахыҧхьаӡара иазҳаит 15,9 %-ла
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, 2020 шықәса ҧхынҷкәын азы Қырҭтәылаҟа иаашьҭын 199,7 миллион адоллар (656,2 миллион лари), абри арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 15,9 %-ла еиҳауп.
Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, аҧара ахьынтәаарышьҭуа атәылақәа рыбжьара аҧхьагылара амоуп Урыстәыла. Ҵыҧх, зегьы реиҳа ирацәаны аҧара — 40,71 миллион адоллар Қырҭтәылаҟа иаашьҭын Урыстәылантә. Аҩбатәи аҭыҧ аҿы игылоуп Италиа — 31,82 млн. адоллар, уи иашьҭагылоуп Бырзентәыла — 22,42 млн. адоллар, аҧшьбатәи аҭыҧ аҿы игылоуп Америка — 22,31 млн. адоллар.