Амилаҭтә банк  - Ҧхынгәы азы лари ала ауаа ирыҭаз аҧсахтәқәа рҭаӡара иазҳаит  420 миллион лари ала, атәым валиутаҿы  аҧсахтәқәа маҷхеит  623 миллион лари ала
Амилаҭтә банк  - Ҧхынгәы азы лари ала ауаа ирыҭаз аҧсахтәқәа рҭаӡара иазҳаит  420 миллион лари ала, атәым валиутаҿы  аҧсахтәқәа маҷхеит  623 миллион лари ала

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациала,   2024 шықәса ҧхынгәы азы акоммерциатә банкқәа, ҧасатәи амза аасҭа ауаа  202,32 млн лари ала иаҳа имаҷны аҧсахтәқәа рырҭеит.

Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, ҧхынгәы азы лари ала ауаа ирыҭаз аҧсахтәқәа рҭаӡара иазҳаит  420 миллион лари ала, атәым валиутаҿы аҧсахтәқәа маҷхеит  623 миллион лари ала.

Иара убас, Амилаҭтә банк аинформациа ишану ала,  2024 шықәса ҧхынгәы азы аиуристтә хаҿқәа-резидентцәа амилаҭтә валиутаҿы  ирыҭан  9,37 млрд лари ала еиҳаны аҧсахтәқәа, ҧасатәи амза иаҿаҳарҧшыр, ари арбага  0,12%-ла  еиҳауп, атәым валиутаҿы ирыҭан 16,18 млрд лари аҧсахтәқәа, ари арбага ҧасатәи амза арбага аасҭа  2,27%-ла  имаҷуп.