Амилаҭтә банк – Нанҳәа азы аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит 0.3%-ла
Амилаҭтә банк адыррала, 2024 шықәса нанҳәа азы Қырҭтәылашҟа атәым тәылақәа рҟынтә ииаган 290.6 млн адоллар (784.4 млн лари), ари аицҵалыҵ ҵыҧхтәи нанҳәатәи арбага аасҭа 0.3%-ла еиҳауп.
Амилаҭтә банк адырра ишану ала, Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа 96.2% ҟаҵоуп 24 апартниор-ҳәынҭқаррақәа рҟынтә.
Аҧаратә аиагарақәа астатистика инақәыршәаны, зегьы реиҳа ирацәаны аҧара — 50.77 миллион адоллар Қырҭтәылаҟа ииагоуп ЕАШ аҟынтә, аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Италиа — 49.29 млн адоллар. Ахҧатәи аҭыҧаҿ – Урыстәыла 42.55 млн адоллар, аԥшьбатәи аҭыԥ аҿы – Германтәыла 25.37 млн адоллар, ахәбатәи аҭыԥ аҿы – Бырзентәыла 22.35 млн адоллар.