Амилаҭтә банк – Мшаҧы азы аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит 20%-ла
Амилаҭтә банк адыррала, 2023 шықәса мшаҧы азы атәылашҟа ииаган 369,7 млн адоллар (933,3 млн лари), ари аицҵалыҵ ҵыҧхтәи мшаҧымзатәи арбага аасҭа 20,0%-ла еиҳауп.
Амилаҭтә банк адырра ишану ала, Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа 97,2% ҟаҵоуп 23 апартниор-ҳәынҭқаррақәа рҟынтә.
Аҧаратә аиагарақәа астатистика инақәыршәаны, зегьы реиҳа ирацәаны аҧара — 159,57 миллион адоллар Қырҭтәылаҟа ииагоуп Урыстәылатәи афедерациа аҟынтәи. Аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Италиа — 40,86 млн адоллар. Ахҧатәи аҭыҧаҿ Америка — 34,20 млн адоллар, уи иашьҭагылоуп Бырзентәылеи Казахстани.