Амилаҭтә банк – Лаҵарамзазы атәыла иалагалан  11.6%-ла иаҳа ирацәаны - 317.4  миллион адоллар аҧаратә шьҭымҭақәа
Амилаҭтә банк – Лаҵарамзазы атәыла иалагалан  11.6%-ла иаҳа ирацәаны - 317.4  миллион адоллар аҧаратә шьҭымҭақәа

2025 шықәса лаҵарамзазы атәыла иалагалан  ҵыҧхтәи иашьашәалоу арбага аасҭа 11.6%-ла иаҳа ирацәаны – 317.4  миллион адоллар аҧаратә шьҭымҭақәа.

Абанк адыррақәа рыла, хәымз рыла атәылашҟа иаашьҭуп  1 399.5 миллион адоллар.

Амилаҭтә банк иаланарҵәаз астатистика инақәыршәаны, зегьы реиҳа ирацәаны аҧара – 44.1% -140.1 миллион адоллар аашьҭуп Евроеидгыла атәылақәа рҟынтәи.

2025 шықәса лаҵарамзазы Қырҭтәылантә аҳәаанырцәҟа идәықәҵоуп 35.2 миллион адоллар  (96.5 миллион лари), ари аицҵалыҵ ҵыҧхтәи лаҵарамзатәи арбага еиҳауп    16.8%-ла.