Амилаҭтә банк - Лаҵарамзазы аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара маҷхеит 23,9 наӡынала
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк адыррала, 2023 шықәса лаҵарамзазы атәылашҟа ииаган 384,9 миллион адоллар – 975,4 миллион лари, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 23,9 наӡынала имаҷуп.
Амилаҭтә банк адыррақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа реиҳара иҟаҵоуп 25 апартниор тәылақәа рҟынтәи.
Астатистика инақәыршәаны, зегьы реиҳа ирацәаны аҧара ииагоуп Урыстәылатәи афедерациа аҟынтәи. Аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Италиа, ахҧатәи аҿы – Америка.
Иара убас, Амилаҭтә банк аинформациа ишану ала, 2023 шықәса лаҵарамзазы Қырҭтәылантә аҳәаанырцәҟа ииаган 30,9 миллион адоллар, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 7,9%-ла еиҳауп.