Амилаҭтә банк ишьақәгылоу афинансркра SBFN иреиҳаӡоу ахәшьараҭара аиуит
Ишьақәгылоу абанктә маҵзуреи афинансркреи ркаҭа (Sustainable Banking and Finance Network, SBFN) 2024 шықәсатәи аглобалтә прогресс (2024 Global Progress Brief) аҳасабырба кьаҿ аланарҵәеит.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациа ала, аҳасабырба ҿыц аҿы ихадоу хкатегориак рҿы (аекологиатәи, асоциалтәи, анапхгараҭаратәи интеграциа азҵаарақәеи (ESG), аклимати, аԥсабареи, ишьақәгылоу аҿиара афинансркреи ирызку арискқәа рнапхагаҭареи) аҿиара иаҿу 66 тәылақәа ашьаҭатәи тенденциақәеи, аинновациақәеи, рылшарақәеи ахәшьара арҭоит.
Ахкатегориак рҿы Қырҭтәыла аԥхьагылара амоуп.