Амилаҭтә банк- Азербаиџьани, Украинеи, Евроеидгыла атәылақәеи рҟынтә аҧаратә аиагамҭақәа рхыҧхьӡара ацлеит, Урыстәылантә имаҷхеит
Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, 2021 шықәса ажьырныҳәазы Қырҭтәылаҟа аҧара аиагамҭақәа рхыҧхьаӡара ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа аҵкыс иазҳаит 19,2 наӡынала, атәылашҟа ииаган 149,8 миллион адоллар, аха, Қырҭтәылантә аҧаратә аиагамҭақәа маҷхеит 6,7 наӡынала.
Абанк адыррақәа рыла, бжеиҳарала, аҧаратә аиагамҭақәа ҟаҵоуп Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә (44,4 наӡына). Урҭ рҟынтә иалкаауп Италиеи Бырзентәылеи.