Амилаҭтә банк ацифратәи лари апилоттә проект азы аҽазыҟаҵара алагоит
Амилаҭтә банк ацифратәи лари апилоттә проект азы аҽазыҟаҵара алагоит

Ацифратә проект аетап ҿыц ахь ииасуеит. Қырҭтәыла амилаҭтә банк ацифратә валиутатә (CBDC) асистемазы атехнологиақәа рԥышәара алагоит. Ари атәы аанацҳаит Амилаҭтә банк.

„Кыраамҭа имҩаԥысуаз аҭҵаараеи аилыргареи рышьҭахь, амилаҭтә банк жәеилахәырак рыла ишьақәгылоу асиа цәырнагоит. Арҭ аиҿкаарақәа аплатформа иреалу аамҭаҿ аԥышәара алшареи иашьашәалоу атехнологиатә потенциали рымоуп: AUGENTIC GmbH, Bitt Inc, Broxus Holdings Ltd, Currency Network Ltd, DCM Corp Limited, eCurrency Mint Inc, FARI Solutions Ltd, Ripple Labs, Inc, Sovereign Wallet Co, Ltd.

Қырҭтәыла амилаҭтә банк 2020 шықәса инаркны ацифратә валиутатә (CBDC) аҟазшьақәеи, асистематә аиҿкаашьеи аџьармыкьаҿ ахархәареи рыҭҵаара иаҿу́п”, – иануп Амилаҭтә банк аинформациа аҿы.