Амилаҭтә банк аҿы ишырҳәаз ала, иаку европатәи ашәаратә қәыҧшылара алаларазы иаҭаху азакәанҧҵаратә пакет аус адырулоижьҭеи крыҵуеит
«Қырҭтәыла Евроеидгыла иаку ашәаратә система, SEPA асистема иалалар аҭахуп, убри азоуп азакәанпроектқәа рыхҧагьы ирццакны рыдкылара ҳзазҿлымҳау», — иҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк авице-ахада Папуна Лежава.
Иара иажәақәа рыла, азакәанқәа зегьы шьаҭанкыла аус рыдырулеит.
«Азакәанқәа анҳадаҳкылалак, азыҳәамҭа ҟаҳҵоит. Ҳзыҳәамҭа иахәаҧшны иҵоуроу аҭак ҳарҭап ҳәа ҳгәыҕуеит. Азакәанқәа кыраамҭа аус рыдааулон, аџьармыкьа ахаҭарнакцәеи жәларбжьаратәи аекспертцәеи ҳрацәажәон. Азакәанқәа зегьы шьаҭанкыла аус рыдааулеит», — иҳәеит Папуна Лежава.