Амилаҭтә банк - Абҵаразы Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа 151% рыла иазҳаит
Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, 2023 шықәса абҵара азы Қырҭтәылаҟа ииагоуп 521.2 миллион адоллар, ари арбага ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа арбаага аасҭа 151.4 % наӡынала еиҳауп. 2022 шықәса абҵаразы Қырҭтәылантә аҳәаанырцәҟа ииаган 31.4 миллион адоллар, ари арбага ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа арбаага аасҭа 1.1 % рыла еиҳауп.
Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, аҧаратә аиагарақәа рстатистика инақәыршәаны, Қырҭтәылаҟа зегьы реиҳа ирацәаны аҧара – 316 милион доллар (60.7%) Урыстәылантә иаган, ари арбага ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа арбаага аасҭа 9.2% рыла еиҳауп, Еыроеидгылантә – 18.4% , ЕАШ – 5.5%. Абҵаразы Кыргызстан аҟынтә иагаз аԥара 206.4% рыла иазҳаит, Еаш аҟынтә – 20.6% рыла.