Амилаҭтә банк - Абҵаразы ЕАШ-и Евроеидгыла атәылақәеи рҟынтә аҧаратә аиагарақәа рацәахеит, Урыстәылантә - маҷхеит
2023 шықәса абҵара азы, 2022 шықәса иашьашәалоу апериод еиҿҳарԥшыр, Қырҭтәылаҟа ииагоу аԥара ахыԥхьаӡара 43.8% рыла имаҷхан, 292.7 миллион адоллар иаҟарахеит, Қырҭтәылантә аҳәаанырцәҟа ииаган 31.3 миллион адоллар, ари арбага ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа арбаага аасҭа 0.5% % рыла еиҳауп, – иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҳасабырба аҿы.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҟынтә ишаарыцҳаз, абҵаразы ЕАШ-и Евроеидгыла атәылақәеи рҟынтә аҧаратә аиагарақәа рацәахеит, Урыстәылантә – маҷхеит.
Абҵаразы Урыстәылантә ииагаз аԥара маҷхеит 76% рыла – 75 миллион адоллар. Аха ЕАШ рҟынтә ииагоу аԥара 41.6 % рыла иазҳаит. Қырҭтәылаҟа зегьы реиҳа ирацәаны аҧара иаган, Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә – 38.2% , Урыстәыла (25.7%) ЕАШ – 13.9%.