Амилаҭтә банк - Абанк "ВТБ Қырҭтәыла" зхы иазырхәо аиуристтә хаҿқәа рҧареи ркредитқәеи рыхәҭак "Либерҭи Банк" ашҟа ииагахоит
Амилаҭтә банк афинанстә сектор аҿы имҩаҧысуа аиҭакрақәа ирызкны аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭа инақәыршәаны, Урыстәыла ала Украина ажәылара ашьҭахь ишьақәыргылаз асанкциақәа абанк «ВТБ-Қырҭтәыла»-гьы иадкьыслеит.
««ВТБ Қырҭтәыла»-и «Базис Банки» ишеиқәшаҳаҭхаз ала, Абанк “ВТБ Қырҭтәыла” зхы иазырхәо аиуристтә хаҿқәа рҧареи ркредитқәеи рыхәҭак “Базис Банк” ашҟа ииагоуп. Абанк ахархәаҩцәа ринтересқәа рыхьчара амзызла, афинанстә сектор ахаҭарнакцәа рыбжьара аконсультациақәа мҩаҧган. Убри иалҵшәаны, «ВТБ Қырҭтәылеи» «Либерти Банки» ишеиқәшаҳаҭхаз ала, Абанк “ВТБ Қырҭтәыла” зхы иазырхәо аиуристтә хаҿқәа рҧареи ркредитқәеи рыхәҭак “Либерҭи Банк” ашҟа ииагахоит.