Иахьа Қырҭтәыла аизга УЕФА Амилаҭқәа рлига плеи-офф аматч мҩаҧнагоит Ереван. Аиԥылара иалагоит асааҭ 21:00 рзы. Ишиашо ицо атранслиациа абара шәылшоит Актәи аканали Актәи аканал аспорти рҿы.
Афактқәа
Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ааматчк маыргахьеит. Қырҭтәыла хынтә аиааира агеит, Шәамахьтәыла – ҩынтә, ҩматчк еиҭахарыла ихыркәшеит.
Арҭ аматчқәа рҿы Қырҭтәыла 14 мпыл аҭаршәара алшеит, 8 мпылк ркра алымшеит.
Аҵыхәтәаны агәыԥқәа 2020 шықәсазы Амилаҭқәа рлига аҳәаақәа ирҭагӡаны еиԥылеит. Матчк 2:2 ҳәа ихыркәшеит, даҽа матчк аҿы Шәамахьтәыла 2:1 ҳәа аиааира агеит.