Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа 25ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә  адепортациа рзыруит
Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа 25ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә  адепортациа рзыруит

Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа 25ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә  адепортациа рзыруит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭәтыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, уажәазы адепортациа рызуп Шәамахьтәылеи, Узбекистани, Ирани, Нигериеи, Таџьикистани, Китаи, Туркменистани, Урыстәылеи,  Индиеи, Алжири, Египти, Ҭырқәтәылеи,  Пакистани,  Бангладеши ртәылауаа.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, амч змоу азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымамызт.