Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа Қырҭтәыла иалырцеит 42ҩык атәым тәылауаа
«Атәым тәылауааи атәылауаҩра змам ауааҧсыреи рзинтә статус иазку» Қырҭтәыла азакәан ашьаҭала, иҳаҩсыз амзазы, Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа Қырҭтәыла иалырцеит 42ҩык атәым тәылауаа.
Зыӡбахәы ҳәоу азакәан ашьаҭала, Қырҭтәыла иалырцеит Туркменистани, Ираҟи, Ҭырқәтәылеи, Индиеи, Ирани, Нигериеи, Азербаиџьани, Беларуси, Урыстәылеи, Иорданиеи, Пакистани 42ҩык атәылауаа.
Арҭ ауаа иреиуп Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ еиуеиҧшым антиуаажәларратә усура иалахәыз ауааҧсырагьы.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартамент атәылаҿ азакәандаратә миграциа иаҿагыло органуп. Ари аорган акомпетенциақәа иреиуп Қырҭтәыла закәандарала иҟоу атәым тәылауаа раарҧшреи атәылантә ралцареи.