Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 60-ҩык атәымуаа Қырҭтәыла иалырцеит
Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 60-ҩык атәымуаа Қырҭтәыла иалырцеит

Иҳаҩсыз амзазы Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа, «Атәымуааи атәылауаҩра змам ауааҧсыреи рзинтә статус иазку» азакәан ашьаҭала, 60-ҩык атәымуаа Қырҭтәыла иалырцеит.

Адепартамент адыррала, атәымуаа рыхәҭак хатәгәаҧхарала Қырҭтәыла иқәҵит, егьырҭ атәыла ақәҵра рыдарцалеит.

«Атәымуааи атәылауаҩра змам ауааҧсыреи рзинтә статус иазку» азакәан ашьаҭала, Қырҭтәыла иалцуп Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Џьамтәылеи, Урыстәылеи, Индиеи, Туркменистани, Бангладеши, Ливани, Ираки, Нигериеи, Ирданиеи, Алжири, Мысреи, Ганеи ртәылауаа, 60-ҩык атәымтәылауаа», — иануп аинформациаҿы.

2024 шықәса жьҭааразы иҟаз аҭагылазаашьа ала, ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, атәыла алырцроуп 384-ҩык атәымтәылауаа, ари ҵыԥхтәи арбага аасҭа 26% рыла еиҳауп. Иара убас иазҳаит рхатәгәаԥхарала атәыла аанзыжьуа атәымтәылауаа рхыԥхьаӡара – 323-ҩык, ари ҵыԥхтәи арбага аасҭа 60.7% рыла еиҳауп.